top of page
  • Фото автораAdmin

Аԥсны жәлар рартист, "Ахьӡ-аԥша" II аҩаӡара занашьоу, Шьалуа Гыцба аспектакль "Инаԥҳа Кьагуа" иазкны


Апиеса "Инаԥҳа Кьагуа ахатә ҭоурых амоуп. Уи ахаԥшьгаратә коллектив аҿы иқәсыргылеит аибашьра алагаанӡа 90-тәи ашықәсқәа рзы. Усҟантәи аамҭазы Аԥсны акультуратә ханқәа рҟны ахаԥшьгаратә коллективқәа рацәан. Аҟәа азанааҭеидгыла иртәыз акультуратә ҩны аҟынгьы еиҿкаан уи аҩыза аколлектив. Убри акультуратә хан адиректор, Аԥсны жәлар рартист, акәашаҩ ҟаза Шамиль Аҩардан ибзоурала арежиссуратә маҵура снапы аласкит. Аусура салагеит алекциақәа раԥхьарала, занааҭла иактиорцәамыз аколлектив алахәылацәа актиортә ҟазара ашьаҭақәа реилыркаарала. Аҷкәынцәа имаашьаӡакәа рхы аус адырулон, агәырҵҟәыл бзиа шрымаз ҩашьомызт. Ари аколлектив рықәгыларақәа хацнаркит Ш. Ҷкадуа иҩымҭа "Ҳауа идагәада?" Апиеса анагӡашьа уахәаԥшны, аколлектив хаԥшьгаратәуп ҳәа аҳәара уадаҩын. Анаҩс, Шамиль Аҩардан иабжьгарала Мҭы Ақаҩба ипиеса "Инаԥҳа Кьагуа" ақәыргылара ҳҽазаҳкит. Ицәырҵуаз иарбан зҵааразаалак-акостиумқәа рыӡахра аҟноума, адекорациа аҟаҵароума-Шамиль Аҩарадан иаҳзиӡбауан. Аспектакль апремиера аҽны ауаа рацәа еизеит, изхәаԥшыз даара иргәапхеит. Анаҩс, аколлектив Аԥснытәи ақалақьқәа зегьы рҟны иқәгылеит. Аҟәа аспектакль иқәыргылан С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҟны. Уамашәа иумбарц залшомызт занааҭла иактиорцәамыз аҷкәынцәа русураҿы иаадырԥшуаз агәеилыххара. Дара хықәкыс ирымаз рыжәлар рыбзиабара аҽаԥсатәра акәын.


  Аколлектив русура еихсыӷьуамызт, иқәдыргылон аспектакль ҿыцқәа, ажәларгьы урҭ инарыгӡоз гәахәара дула ирыдыркылон. Аԥснытәи азанааҭеидгыла иаҭааз Қарҭтәи азанааҭеидгыла аделегациагьы аспектакльқәа дырбан. Урҭ даараӡа ахә ҳаракны иршьеит ари аколлектив аусура, насгьы еицҿакны ирыӡбеит "Жәлар ртеатр" ҳәа ахьӡ ахҵара, ари ҟалеит 1987 шықәсазы. Анаҩс иӡбатәын актиорцәа руалафахәы азҵаара. Уи азы сара сцеит Дәрыԥшь. Усҟан Дәрыԥшь ақыҭа "колхоз-миллионер" ҳәа иашьҭан. Уаатәи аиҳабыра сыззааз анрасҳәа, адгылара шсырҭо ала агәра сдыргеит. Ак заҵәык, уи аус амҩақәҵаразы, араионтә аиҳабыра рымеида аҭахын. Гәдоуҭа араион еиҳабыз Константин Озган иакәын. Даараӡа дсызҿлымҳаны дысзыӡырҩит, нас сгәысҽанӡамкәа:"араионтә театр аҳасаб ала шәеиқәҳаршәап",-иҳәеит.


  Ҳамҭак ашьҭахь, Алексеи Аргәын ибзоурала (занааҭла иара дтеатрҭҵааҩын) Шәарах Ԥачалиа наԥхгара ззиуаз Ҭҟәарчалтәи атеатри, сара сызхагылаз Гәдоуҭатәи атеатри "Аԥснытәи аҳәынҭқарратә театр" ҳәа ахьӡ рыхҵан. Уи ҟалеит апрельмза 22, 1991 шықәсазы, исҳәо зырҵабыргуа ашәҟәгьы еиқәырханы исымоуп. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны иҳалҳаршеит ԥшь-спектакльк рықәыргылара. Нанҳәамза 11, 1992 шықәсазы урҭ зҳарбаз атеатр аҟәша аиҳабы Е. Кәаӷәаниа даара жәа ԥхала ҳусура ахә лшьеит, ақәҿиара дуқәа ҳзеиӷьалшьеит. Сара исыӡбеит сентиабрмза 25-нӡа атеатр актиорцәа аԥсшьара исышьҭырц, урҭ раамышьҭахь иазгәаҭан иҳаман Гәдоуҭатәи ауаажәлар ҳаспектакльқәа дҳарбарц. Нанҳәамза 14 рзы аибашьра иалагеит... Аибашьраҿы актиорцәа раӷьырак ҭахеит.

  Зны-зынла сазхәыцуеит, аибашьра ҟамлазҭгьы, ҳтеатр алахьынҵа шԥаҟаларыз ҳәа.. Иаанхарызушь иахьа уажәраанӡа атеатр? Уи аҭак уаҩы изыҟаҵом, аха саргьы сгәы излаанаго ала, Гәдоуҭатәи атеатр ахәаԥшыҩцәа рыбзиабара агхомызт. Урҭ актиорцәа сара сзы баша иактиорцәамызт, абҵас сырзыҟан, даргьы "ҳаб" ҳәа исышьҭан. Иахьа иҟам урҭ схәыҷқәа, иҟам дара иззыхандеиуаз, рыԥхӡала ичаԥаз атеатр. Гәдоуҭатәи атеатр аҭоурых зеиҭасҳәо, ҳгәалашәараҿы инхарц, ҳажәлар рҟазара аҭоурых ианхаларц азоуп.


  30 шықәса раԥхьа иқәсыргылахьоу апиеса аиҭақәыргыларазы агәаҳәара сызҭаз сгәы имцаха иҭоу уи раԥхьатәи анагӡаҩцәа ргәалашәароуп. Инаԥҳа Кьагәа ҳажәлар дышырфырхаҵаз наунагӡа дынхоит. 

  Ҳаамҭазтәи ҳабзазара иахҭынҵоу аԥсҭазаарақәа анаҳхаҳаршҭуа ыҟоуп. Уи иаабоит иахьатәи аҳәынҭқарра аҭагылазаашьаҿы, иаҳԥылоит ҳауаажәлар рдунеихәаԥшраҿы, ҳара-ҳара ҳаизыҟазаашьақәа. Ари апиесала сара ахәаԥшыҩцәа иргәаласыршәарц сҭахәуп ҳажәлар рҭоурых иаҵанакәа аамҭақәа.  

45 просмотров0 комментариев
bottom of page